Аподкаст: Ахҵәацәа рзы Даниатәи ахеилак асоциалтә наплакра иазаанарҧшуа адгылара

Аподкаст: Ахҵәацәа рзы Даниатәи ахеилак асоциалтә наплакра иазаанарҧшуа адгылара

Хәлыбзиақәа! Шәара шәазыӡырҩуеит арадио Ҳара аподкаст!

Иахьатәи аепизодаҿ ҳара аинтерес ду зҵоу атема – асоциалтә наплакра  ҳалацәажәоит  – уи аиҭакра бзиақәа рымҩаҧгара иазкуп, иара убас, зегьы реиҳа уи зҭаху ауаа ирыхәаша механизмуп. Иахьатәи аподкаст аҿы ҳара еиуеиҧшым азҵаарақәа ҳрылацәажәоит, аха, атемақәа зегьы асоциалтә ааглыхра иадҳәалазаауеит. Абизнес иадҳәалоу аинновациатә идеиақәа еиуеиҧшым асоциалтә проблемақәа рыӡбареи, аҭышәынтәалара ацхраареи, ҳуаажәларра еиуеиҧшым агәыҧқәа  ринклиузивра аизырҳареи  шрылшо азҵаара аинтерес ду аҵоуп.

Иахьа лассы-лассы, зехьынџьара абарҭ ажәақәа ҳаҳауеит  –  асоциалтә наплакра. Аха, асоциалтә наплакра баша, амодатә термин аасҭа еиҳауп. Асоциалтә наплакра  – аиҭакрақәа рымҩаҧгаразы ареалтә мҩоуп. Иара убас, иахьа Ахҵәацәа рзы Даниатәи ахеилаки (DRC) Аахыҵ Кавказаҿ уи аусуреи иазкны ишәзеиҭаҳҳәоит. Ахҵәацәа рзы Даниатәи ахеилак (DRC) ари арегионаҿ акыршықәса рыҩныҵҟа аус ауеит, уи асоциалтә наплакреи  ацхыраара зҭаху хықәкылатәи агәыҧқәеи ирыцхраауеит. Иара убас, ари аиҿкаара адунеи зехьынџьара, аглобалтә аҩаӡараҟны аус ишауа, ҳрегионаҿ,  Аахыҵ Кавказаҿ  изакәытә программақәоу инанагӡо шәзеиҭаҳҳәоит.

Убри аҟынтә, шәаҳзыӡырҩы – аинтерес зҵоу атемақәа шәызҧшуп!

Ахҵәацәа рзы Даниатәи ахеилак (DRC)

Ахҵәацәа рзы Даниатәи ахеилак (DRC) аглобалтә аиҿкаароуп, уи адунеи еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы ахҵәацәеи,  мчыла ихгоу ауааҧсыреи, ҷыдала ацхыраара зҭаху агәыҧқәеи ирыцхраауеит.  Аиҿкаара ишьаҭакын  1956 шықәсазы, уи даниатәи идуӡӡоу, аҧхьагылара змоу,  мчыла ихгоу агәыҧқәа аус рыцызуа жәларбжьаратәи иҳәынҭқарратәым  аиҿкаара заҵәуп. DRC  40 ҳәынҭқаррақәа рҿы аус зуа 8000ҩык аусуҩцәа амоуп. Аиҿкаара  ахҵәацәа иахьчоит, мчыла ихгоу ауааҧсыра ирыцхраауеит дара иҭышәынтәалоу аҧеиҧш рзеиқәыршәара амзызла.

Аахыҵ Кавказаҿ DRC аусура ҳалацәажәозар, ари аиҿкаара арегионаҿ аус ауеит 1999 шықәса инаркны. Аахыҵ Кавказаҿ DRC аусура хықәкыс иамоуп ахныҟәгаратә хыҵҵырҭақәа раҧҵара адгылареи,  асоциалтә ахьчареи, аҵара аиура алшара аизырҳареи, еиуеиҧшым аинфраструктуратә проектқәа рынаӡареи. Аиҿкаара  Қарҭи, Жәыргьыҭи, Гали, Аҟәеи аофисқәа амоуп. Аиҿкаара ахҵәацәеи, аимак амшала азарал зауз аҭаацәарақәеи, ахныҟәгаратә хыҵҵырҭақәа рхархәаразы усҟак алшара змам,  ҷыдала ацхыраара зҭаху агәыҧқәеи, еиуеиҧшым аҭахрақәа змоу аҿари, аҳәсеи, аҧҳәызбацәеи аус рыцнауеит, егьрыцхраауеит.

Аахыҵ Кавказаҿ DRC хықәкыс иамоуп ахатә азнеишьала, ҽакала иаҳҳәозар, акыраамҭалатәи аӡбарақәа рыдкыларала, хықәкылатәи агәыҧқәа рыцхраара, дара иаҳа иҕәҕәахарцаз, рхы ныҟәыргаратәы иҟаларцаз, иҭышәынтәалоу ахашәала рымазаарц азыҳәан. Акыршықәса рыҩныҵҟала DRC зқьҩыла ауаа ирыцхрааит, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи  дыргылеит, аҵара аиура алшара аздырҳаит, асоциалтә наплакра аҧҵареи арҕәҕәареи иацхрааит, абизнес маҷ ахаҭарнакцәа ирыцхрааит, еиуеиҧшым аҵаратәи аекономикатәи  программақәа рыла аҿари аҳәсеи ирыцхрааит. Хыхь еиқәыҧхьаӡоу активра цыҧхьаӡа хықәкыс иаман аҕарра армаҷреи, аекономикатә ҭагылазаашьеи асоциалтә ахьчареи аизырҳареи, ауаҧшь ҕәҕәақәа рыдгылареи.

DRC иахьагьы Аахыҵ Кавказаҿ қәҿиарала ахатә миссиа нанагӡоит. Ҳрегион иқәынхо ауааҧсыра иахьагьы адгылареи ацхыраареи рҭахуп.

Асоциалтә наплакра: асоциалтә проблемақәа рыӡбаразы амҩа ҿыц  

Асоциалтә наплакра закәызеи, иахьа уи абри аҩыза апопулиарра замои?

Аҭак мариоуп – ҳрегион еиҧшу аҭыҧқәа рҿы асоциалтә наплакрақәа ирласӡаны апопулиарра роуит, избанзар,  урҭ аҕарра иҭагыло ауааҧсыра ирыцхрааша иҭышәынтәалоу аӡбарақәа рыдкылара еиқәдыршәоит, ҷыдала ацхыраара зҭаху агәыҧқәа рсоциалтәии реконмоикатәи проблемақәа рыӡбараҿы ирыцхраауеит.

Арҭ агәыҧқәа иреиуп  – мчыла ихгоу ауааҧсыреи, ахҵәацәеи, зхашәала маҷу аҭаацәарақәеи. Абарҭ агәыҧқәа аусурҭала аиқәыршәара абжьааҧнытә вариантқәа ирзыманшәаламзар ауеит, иара убас, лассы-лассы дара абарҭ аресурсқәа рхархәаразы алшара рымам. Асоциалтә наплакрақәа, ахашәала аизырҳареи агәырҵҟәыл аҿиареи азыҳәан иаҳа имароу алшарақәа еиқәдыршәоит. Иара убас, асоциалтә наплакрақәа хыхь еиқәыҧхьаӡоу еиуеиҧшым агәыҧқәа аусуратә ҭыҧқәа рыдаргалоит, аха, уи адагьы, ргәырҵҟәыл аҿиареи аҧышәа аиуреи  алшара рырҭоит.

Асоциалтә наплакрақәа ауаажәларраҿы апопулиарра ду рызҭо даҽа ҭагылазаашьакгьы иҟоуп. Лымкаала, асоциалтә хырҳагара аиура азҵаара аҧыжәара аҭара ала, асоциалтә наплакрақәа  ироуа ахырҳагара ауааҧсыра ирызку аинициативақәа рахь идырхынҳәуеит, ҽакала иаҳҳәозар, ахашәала, еснагь, аҭыҧантәи ауааҧсыра ирзыхынҳәуеит. Абри азнеишьа ихьчам ауааҧсыра арҕәҕәоит, ауааҧсыра рхы агәра рго иалагоит, еиуеиҧшым апроектқәа рылахәызаара алшара роуеит, абри зегьы арҭ ауаа рыҧсҭазаашьа еиҕьнатәуеит, аҭышәынтәалара арҕәҕәара иацхраауеит.

Убри адагьы, асоциалтә наплакрақәа еиуеиҧшым агәыҧқәа  асоциалтә аиҟәыҭхара алҵраҿы ирыцхраауеит, избанзар, ауааҧсыра, ирзеиҧшу ахықәкы анагӡаразы аус еицыруеит, ахгара зхызгаз, аҕарра иҭагылаз  рзы аҵакы ҷыда змоу аицхырааратә аҳа аҧырҵоит. Аекономикатә цхыраареи, аквалификациа аиҕьтәреи, ауаажәларратә алахәызаареи рыла, асоциалтә наплакрақәа,   ҷыдала ацхыраара зҭаху агәыҧқәа ахачҳареи иаҳа еиҕьу аҧеиҧш ақәгәыҕреи рзырхынҳәра апроцессаҿ атрансформациатә роль нарыгӡоит.

DRC-и асоциалтә наплакра ацхрааразы уи инанагӡо апроектқәеи  

Акыршықәса ирылагӡаны, DRC, асоциалтә анырра иазку хықәкылатәи аинтервенциақәа рыла,   Аахыҵ Кавказаҿ еиуеиҧшым асоциалтә наплакратә инициативақәа ирыдгылоит, уи абзоурала, ауаа акыраамҭалатәи аҭышәынтәалара аиқәыршәареи  ауаажәларратә ҧсҭазааразы асоциалтәи аекономикатәи анырра бзиеи рылшоит.  Аиҿкаара, ахатә миссиа анагӡареи мчыла ихгоу, аимак амшала азарал заузи социалла ихьчами ауаа рыцхраареи азыҳәан, аҭыҧантәи апартниорцәа, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аус рыцнауеит. DRC апрограммақәа ирыҵанакуеит еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа, урҭ иреиуп агәырҵҟәыл аҿиареи, абизнес маҷ ацхраареи адукатреи. Ишыжәдыруа еиҧш, абри зегьы асоциалтә аиҭакрақәа рымҩаҧгара иацхраауеит.

DRC изыдгылаз аинициативақәа ҳрыхәаҧшыр, ари аиҿкаара аҟынтә ацхыраара зауз асоциалтә наплакрақәа ареалтә аиҭакрақәа рымҩаҧгара рылшахьеит. DRC ацхыраарала аусуратә ҭыҧқәа иаҧҵоуп, арегионаҿ асоциалтә наплакрақәа рганахьала аинтерес зҵоу апрактика аларҵәара аиуит. Аиҿкаара имҩаҧнаго аинициативақәа зхашәала маҷу аҭаацәарақәеи ахҵәацәеи ирыцхраауеит, аха, уи адагьы, ауаажәларраҿы акыраамҭалатәи аиҭакра бзиақәа раҧҵаразы аус зуа ауаҧшьтә аиҿкаарақәа дырҕәҕәоит.

Гал, Аҧсны апроект ҿыц  

Гал, Аҧсны имҩаҧысуа апроект ҿыц ҳазааҭгылар ҳҭахуп.

DRC Аахыҵ Кавказаҿ, ENGAGE (Expanding Newly-Established Grassroots Aspirations by Generating social Entrepreneurship role models) захьӡу апроект мҩаҧнагоит. ENGAGE – абри апроект ахьӡ абревиатуроуп, абри англыз ажәа алахәызаароуп иаанаго, аиашаз, апроект ахьӡ апроект ахаҭа ахықәкы аанарҧшуеит. Апроект афинанстә цхыраара амоуп польшатәи аиҿкаара  Polish Aid аҟынтәи.

Иахьазы Аҧсны апроблемақәа рацәоуп, аҭыҧантәи ауааҧсыра имаҷымкәа апроблемақәа рымоуп, аха, асоциалтә наплакра апотенциал ду амоуп,  ари ахырхарҭала иакымкәа апроектқәеи аинициативақәеи қәҿиарала рымҩаҧгара ҟалоит. Polish Aid аҧара ззоунашьҭыз хықәкылатәи апроект /инициатива хықәкыс иамоуп Аҧсны иқәынхо, ҷыдала ацхыраара зҭаху агәыҧқәеи аҿари, ҷыдала аҳәсеи аҧҳәызбацәеи рырҕәҕәара. DRC инанагӡо ари апроект иалахәып  аиҿкаара  Generation in Action-гьы, Гал, Аҧсны ари аиҿкаара  ибзианы ирдыруеит.

Polish Aid иазкны иааркьаҿны ишәаҳҳәар ҳалшоит ари аиҿкаара ауаҩытәыҩса изинқәеи, аекономикатә азҳареи, асоциалтә мышхәыбзазареи ахырхарҭала аус ишауа. Ҳазлацәажәо апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, хшыҩзышьҭра ҷыда азуп асоциалтә наплакра адгылара ала DRC ала еиҭашьақәыргылоу аҿартә центр аибыҭареи аҿар рырҕәҕәара иазку аинициативақәа рыцхраареи, ари ахықәкы нарыгӡоит  асоциалтә наплакра адгылара ала. Апроект хықәкыс иамоуп еиҭашьақәыргылоу ахыбраҿы аҿартә клуб аус арура. Зыӡбахә ҳәоу апроект абзоурала, Гал иқәынхо аҿар, рҭахрақәа рышьаҭала, рылшарақәа реизырҳара рылшоит.

Ҳара хыхь иазгәаҳҭахьеит, араагьы еиҭаҳҳәоит DRC Аҧсны инанагӡаз апроектқәа, аекономикатәи асоциалтәи аҿиара иазку еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа инарываргыланы, ахәыҷбаҳчақәеи, аҿартә клубқәеи, ауаажәларратә центрқәеи рыргылара, рырҽеира, ма реиҭашьақәыргылара ишазкыз, уи наҟ-наҟ апрограммақәа рынагӡареи  аҭыҧантәи асервисқәа реиҕьтәреи азы зда ҧсыхәа иҟам ашьаҭа аҧнаҵоит.

Асоциалтә наплакра жәларбжьаратәи амш  

Асоциалтә наплакра жәларбжьаратәи амш иазгәарҭоит абҵаразы, ахԥатәи амчыбжь аԥшьашазы. 2024 шықәсазы Анаплакра амш иазгәарҭеит абҵара 21 рзы.

Ҳара жәларбжьаратәи амзар ала иазҧхьагәаҭоу амшқәа рацәа иазгәаҳҭоит.  Абарҭ амшқәа иреиуп Асоциалтә наплакра жәларбжьаратәи амш. Абҵарамза – асоциалтә наплакреи уи иадгыло аиҿкарақәеи рзы амза ҷыдуп.  Абҵаразы  асоциалтә наплакқәа иҭрыжьуа аалыҵ ацәыргақәҵақәа рацәа мҩаҧысуеит. Абҵаразы, еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рымҩаҧгарала, ҳара даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭоит асоциалтә наплакрақәа аҵакы ду шрымоу,  ауаажәларразы  анырра бзиа шрымоу, ауаажәларратә ҧсҭазаара аиҕьтәра ишацхраауа.

Аихшьаала  

Иахьатәи аепизодаҿ ҳара асоциалтә наплакра ауаҧшь ҕәҕәақәа рышьақәыргылареи, ҷыдала ацхыраара зҭаху агәыҧқәа рыдгылареи, акыраамҭалатәи аекономикатә алшарақәа раҧҵареи  ишацхраауа ҳалацәажәеит. DRC-и уи аҭыҧантәии жәларбжьаратәии апартниорцәеи рҽазышәара абзоурала, лабҿаба иаабоит асоциалтә наплакра ареалтә анырра шамоу.

Шахьҳзыӡырҩыз азыҳәан ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит! Шәара шәазыӡырҩуан арадио Ҳара

Атекст автор – DRC. Автор игәаанагареи аредакциа агәаанагареи еиқәымшәар ҟалоит.