Польша ацҳаражәҳәарҭа аполитика-економикатә секциа анапхгаҩи Қырҭтәыла иҟоу НАТО амиссиа ахаҭарнаки рҟны аиԥылара

Польша ацҳаражәҳәарҭа аполитика-економикатә секциа анапхгаҩи Қырҭтәыла иҟоу НАТО амиссиа ахаҭарнаки рҟны аиԥылара

Ҳазҭоу ашықәс азы Ақырҭуа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа ринститут шьаҭаркижьҭеи 25 шықәса ҵуеит. Абри арыцхә инамаданы, Иуане Џьавахьишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет Аҧсны аинститутаҿ аиҧылара мҩаҧган. Зыӡбахә ҳәоу аинститутгьы сынтәа 15 шықәса ахыҵит.

Абри арыцхә ҳадырныҳәаларц азыҳәан сасра иаҳҭааит Қырҭтәыла иҟоу Польша ацҳаражәҳәарҭа аполитика-економикатә секциа анапхгаҩы Мариус Пиертзаки, Қырҭтәыла иҟоу НАТО амиссиа ахаҭарнакра аҟынтәи Аркадиус Леглеци, амедиа аҿиара аконсультациатә хеилак алахәыла Анџьеи Климчуки.

Аиҧылара алахәылацәа Ақырҭуа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа ринститути Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет Аҧсны аинститути акыршықәсатәи русура алҵшәақәеи наҟ-наҟ аусеицуразы апланқәеи ирылацәажәеит.