Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак ахаҭарнакцәа рҟны аиԥылара

Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак ахаҭарнакцәа рҟны аиԥылара

Ақырҭуа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа ринститут 25 шықәсатәи аиубилеи инамаданы, Иуане Џьавахьишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет Аҧсны аинститутаҿ аиҧыларақәа инагӡоит. Аҧсны аинститутгьы сынтәа 15 шықәса ахыҵит.

Абри арыцхә ҳадырныҳәаларц азыҳәан сасра иаҳҭааит Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак ахаҭарнакра адиректор Винсент Донтои Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак ахаҭарнакра апроектқәа рменеџьер Мариам Наниташвилии.

Аиҧылара алахәылацәа Ақырҭуа-аҧсуа еизыҟазаашьақәа ринститути Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет Аҧсны аинститути акыршықәсатәи русура алҵшәақәеи, имҩаԥыргахьоу, иара убас имҩаԥысуа апроектқәеи, наҟ-наҟтәи аусеицуразы апланқәеи ирылацәажәеит.